Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Гал араион аҿы иаархәеит ақыҭанхамҩатә ҵиаақәа аус рыдызуло атрактор маҷқәа ҩба

Атракторқәа ҩба рзеиԥш хәыԥса 2 миллионки 600 нызқь мааҭи ыҟоуп, урҭ араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳаа. Гал араион ахадара иаанахәеит 2022, 2023 шықәсқәа рзы ақыҭанхамҩатә ҵиаақәа аус рыдуларазы атрактор маҷқәа ҩба, абри атәы иҳәеит араион агроном хада Лери Шьониа.
"Ҳара ҳраион аграртәуп, ирацәоуп арасаҭрақәа. Арҭ рҩызцәа атракторқәа арасашьапқәа рыбжьара иманшәаланы ииасуеит, ахәшә ақәҭәаразы уаҳа назҭахым ауп. Аџьықәреи акәзар, х-нызқь гектар раҟара ҳамоуп, урҭ рашәатәуп, ихәышәтәтәуп. Ари аҩыза атехника даара ихәарҭахоит", - иҳәеит иара.
35-и 50-и ҽымч змоу атракторқәа ҽнак ала 2,5 гектар адгьыл ацәаӷәареи 3,5 гектар ахәшә ақәҭәареи иахьӡоит иҳәеит Шьониа.