АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ 2024 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьети абиуџьетнҭыҵтәи афондқәеи рзы азакәан азырхиара арыцхәқәа ирылацәажәоуп, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ақәҵара инақәыршәаны Аекономика аминистрра ԥхынгәы 15 рҟынӡа иазнархиароуп, ашьақәырӷәӷәараз инанашьҭроуп атәыла асоциал-економикатә ҿиараз аиндикативтә план.
Ари аплан арбагақәа рыла афинансқәа рминистрра ареспубликатә биуџьет ахышәаҵышәа аус адуланы азакәан жьҭаара 1 азынӡа Аминистрцәа реилазаарахь инанашьҭроуп.
Абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рнапхгараҭаратә усбарҭақәа рбиуџьетқәа рыпроектқәа аздырхиароуп 2023 шықәса жьҭаара 1 азынӡа.
2024 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы аҳәынҭнапхгараҭаратә усбарҭақәа русураз аметодикатә напхгара мҩаԥнагоит афинансқәа рминистрра.