Аԥсны

Аԥсны аҩнуҵҟеи уи анҭыҵи ауааԥсыра рыхәшәтәразы иазоужьу аԥара иазырҳауп

Аԥсны ауааԥсыра атәылаҿи аҳәаанырцәи рыхәшәтәра аԥаразоужьраз ахықәкытә программа рыдкылан 2023 шықәса ажьырныҳәа 19 рзы. Усҟан ари аус иазоужьын 90 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аӡбрала Аԥсны аҩнуҵҟеи уи анҭыҵи ауааԥсыра рыхәшәтәразы иазоужьу аԥара иазырҳауп, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет аҟынтә, уи аҽа 30 миллион мааҭ ацҵаны 120 миллион рҟынӡа инагоуп.
Иара убасгьы ишьҭыхуп ахәшәқәа раахәареи урҭ амедицинатә усбарҭақәа рыҭареи рзы аԥаразоужьра.
Апрограмма ахықәкқәа иреиуоуп- ачымазцәа ргәабзиара аиӷьтәразы ацхыраара рыҭара, рымч-рылша аиқәырхаразы, ахәыҷқәа рыԥсҭазаара алҵра армаҷра.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуарда Быҭәба иажәақәа рыла, ҵыԥх апрограммала ареспублика анҭыҵ ҽыхәшәтәра ирышьҭит 1300-ҩык.