Аԥсны

Аԥсуа мультфильм ҿыц "Кәтаӷьцәахылԥа" аԥхьарабара мҩаԥысит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа мультфильм ҿыц "Кәтаӷьцәахылԥа" аԥхьарабара мҩаԥысит аҳәынҭқарратә филармониаҟны, рашәара 29 рзы.
Амультфильм авторс дамоуп асахьаҭыхҩы, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа, иара 2020 шықәсазы амультфильм "Абраскьыл ифырхаҵара" аԥиҵеит. Иажәақәа рыла, уажәтәи апроект анагӡара ҩышықәса даҿын.
"Бзиала шәаабеит аҩбатәи аԥсуа мультфильм "Кәтаӷьцәахылԥа" аԥхьарабарахьы иааиз. Ахәыҷқәа "Абраскьыл ифырхаҵара" аныргәаԥха ашьҭахь, ари апроект напы асыркит. Ҩышықәсатәи ҳусура алҵшәа шәҳарбоит",- иҳәеит Кәыҵниа.
Аҳәынҭфилармониа ахәыҷқәа рыла иҭәын, дара ирбоз-ираҳауаз ацәанырра ӷәӷәа рызцәырнагон, рнапеинҟьабжь еихсыӷьра ақәмызт.
Амультфильм аҭыжьра финансла адгылара анаҭеит Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы.
Арадио
Кәыҵниа "Кәтаӷьцәахылԥа" азы: Аԥсны, иара Кавказ зегьы амультфильм аиԥш зеиԥшу ҟамлаӡацт