АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Гәымсҭа аӡы измырыз хҩык ауааԥсыра еиқәдырхеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Амашьына аусура еиԥҟьеит, уи иахҟьаны АҟәаГЕС аӡыхкыра иахьаҵанакуа ауаа рхала аӡы измырит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Ауаа ацхыраара рыҭан, амашьына аӡы иалган иахьшәарҭадароу аҭыԥ ахь инаган.