Аԥсны

Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи еиԥылеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр аусутә еилацәажәарақәа рзы Ҭырқәтәыла дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Ерхови еиԥылеит, абри атәы аанацҳауеит ААР Амедиацентр.
Аганқәа алацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа русеицура амеханизм ашьақәыргылара, еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара.
Аиԥылара мҩаԥысит Анкара иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы. Уаҟа ААР ахада дигәалаиршәеит 2016 шықәсазы атеракт аан ишьыз Ҭырқәтәыла иҟаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Андреи Карлов.