Аԥсны

Иракли Ҭыжәбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит

Аганқәа аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд аҟны излацәажәараны иҟоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит. Аиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 11-12, 2023 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа ЕЕ ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар, ЕАР ахаҭарнак ҷыда Џьихан Султаноглу, ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Виорело Мошан дырԥылеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аиԥылараан Ҭыжәба аҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит, Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵакы аманы дшахәаԥшуа, арегион аҿы аҭагылазаашьа шҭышәынтәалогьы.
"Аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы узыцәшәаша хҭыс аҭыԥ амамызт, аха иара убри аан НАТО Қырҭтәыла аҵакыраҿы активла ахы шымҩаԥнаго аабоит, уи агәҭынчымра ҳазцәырнагоит", - иҳәеит Ҭыжәба.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит украинаа Урыстәылеи Аԥсни рганахьала аҩбатәи афронт аартызарц иҟарҵо ааԥхьарақәа "ашәарҭара шрыҵоу".
Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәан Гал ақалақь аҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи хырыҩ рыҭареи рзы Амеханизм аусура ахацыркра, иара убас ԥкрада аныҟәарақәа ирыдҳәало агуманитартә зҵаарақәа.