Аԥсны

Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵаразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит Арӡынбеи Перинчеки

Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵаразы иҟоу алшарақәа дрылацәажәеит апартиа "Аԥсадгьыл" (Vatan Partisi - аред.) ахантәаҩы Догу Перинчеки иареи реиԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит ААР Амедиацентр.
"Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵара - еицаҳзеиԥшу хықәкуп. Агәра шәсыргәоит, уи хара имгакәа ишалыршахо",- иҳәеит Перинчек.
Уи адагьы, аганқәа аиԥылараҟны иалацәажәеит Аԥсни Аҩада Кипри русеицура аҿиара, иара убас Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда, Перинчек иажәақәа рыла, ҭырқәтәылауаа реиҳараҩык уи иадгылоит.
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи еиԥылеит