Аԥсны

2023 шықәсазы апрограмма "Анхарҭа" ахь инашьҭыз арзаҳалқәа 67 рыдыркылеит

Абиуџьет аҟынтә апрограмма "Анхарҭа" 2023 шықәсазы иазоурыжьит 60 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. 2023 шықәсазы апрограмма "Анхарҭа" ахь инашьҭыз 60 инареиҳаны рзаҳал рыдыркылеит, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Зынӡа аиҳабыратә комиссиа 103 рзаҳал гәарҭеит. 30-ҩык мап рыцәкын, фҩык -еиҭаҭырҵаауеит.
Зырзаҳалқәа ирықәшаҳаҭхаз -20-ҩык I агәыԥ иаҵанакуа ахымхәацәа, 25- ахәыҷ-хымхәацәа змоу аҭаацәарақәа, аиаҭымцәа 17-ҩык, х-ҭаацәара рацәа, аибашьраан зҭаацәа ҭахаз ҩ-ҭаацәарак.
Аԥсны ахада иусԥҟала 2021 шықәсазы ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭпрограмма Аԥсны социалла ихьчам ауааԥсыра анхарҭаҭыԥқәа раахәаразы хықәкыла ацхыраара рыҭара.
Ари аамҭа иалагӡаны 155 рзаҳал шьақәырӷәӷәоуп. Апрограмма аԥҟарақәа инарықәыршәаны арзаҳал алазҵаз аҭаацәара анхарҭа аахәараз 500 нызқьмааҭи аҭаацәараҿы иҟоу рыцԥхьаӡа 100-100 нызқьмааҭи рзыршәоит. Иааизакны 1,2 миллион мааҭ артәоит.