Аԥсны

"Князь Владимир" Аҟәаҟа иаанагеит 80-ҩык инареиҳаны атуристцәа

Акруизтә лаинер "Князь Владимир" аҟәатәи абаӷәаза ԥышәарак аҳасабала иҭалеит рашәара 23 рзы. Усҟан иара иаанагеит 54 пассаџьыр – аекскурсиатә хырхарҭақәа ҭызҵаауеи, атуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik. Акруизтә лаинер "Князь Владимир" раԥхьатәи акоммерциатә реис мҩаԥнагеит.
Аӷба 82 турист аанагеит. Дара Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иҟазаауеит хымш. "Князь Владимир" абаӷәаза ааннажьуеит амҽыша ахәылбыҽха.
Аӷба аԥыларазы абаӷәазахь днеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Иара иазгәеиҭеит аӷба апассаџьырцәа ҳаҭырла ишырԥылатәу.
Аӷба аԥыларазы абаӷәазахь днеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа
"Ари ҳара ҳполитикоуп, атәыла анапхгара рполитикоуп. Аԥыжәара аҳҭоит. Ԥсшьара иаҳҭаауа ргәалаҟазаара ашьҭыхра ҳҽазаҳшәозароуп", - иҳәеит ахада.
"Амшынеиқәатә круизқәа" рдиректор хада Александр Ткаченко иазгәеиҭеит аӷба аԥсныҟа амҩа ианықәлоз аиҿкааратә зҵаарақәа зегьы рҭыԥ ишықәҵаз, аԥсуа ҳазалхыҩцәа ракәзар апассаџьырцәа урыстәылатәи амаҵзура аусуҩцәа раасҭагьы хырыҩ шрырҭо.