Аԥсны

Аԥсуа делегациа Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Цхьынвал идыргылаз ахыбрақәа ирҭааит

Урыстәылатәи аган иҟанаҵаз ааԥхьарала аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Аахыҵ Уаԥстәылаҟа ицеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭеимыр Агрба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны аиҳабыра рделегациа Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Цхьынвал идыргылаз ахыбрақәа ирҭааит, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
"Ҳаргьы Аԥсны Аинвестпрограммала арҽеиратә усурақәа мҩаԥаҳгоит. Убри азы ара ҳаҟазаара иалагӡаны иаҳҭахуп Аахыҵ Уаԥстәыла аԥышәа амдара, уи, анаҩс ҳреспубликаҿ ҳхы иаҳархәарц", - иҳәеит Агрба.
Аԥснытәи аделегациа аҭааит Аахыҵ Уаԥстәылатәи ауниверситеттә комплекс, абжьаратә школ №3 ахыбра, Кәасҭа Хетагуров ихьӡ зху аҳәынҭқарратә драматә театр, ахәыҷтәы лагер "Мзиугом", азауад "Ир-Базальт" уҳәа ахыбрақәа жәпакы.
Агрба иажәақәа рыла, ахыбрақәа хаҭабзиара ҳаракыла иргылоуп, ма арҽеиратәш усурақәа рызуп.