Аԥсны

Ф-тоннак рҟынӡа аконтрафакттә рыжәтә аадырԥшит Гагреи Пицундеи

Зхаҭабзиара лаҟәу аалыҵ аарԥшра хықәкны- ареспублика ақалақьқәеи акурорттә раионқәеи рҿы агәаҭарақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы аусбарҭа аусзуҩцәа ф-тоннак рҟынӡа аконтрафакттә рыжәтә аадырԥшит Гагреи Пицундеи, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Агәаҭарақәа мҩаԥган Гагреи Пицундеи. Ирылгоу аалыҵ ареспубликаҿы ишьақәгылоу астандартқәеи ахаҭабзиареи ирықәшәом.
Аԥаҭлыкақәа ирҭоу арыжәтәқәа реиԥш ирылыргон анапылаҟаҵаратә аалыҵ, ззы аҭиҩцәа иарбанызаалак шәҟәык рымамызт.
Аҳәынҭстандарт аҿы имҩаԥгаз аекспертиза иаанарԥшит аалыҵ ахархәара ишазыхиам, уи азы ишықәгатәу.