Ибзиаӡаны зҵара хзыркәшаз: аушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа ранаршьеит

Sputnik
2023 шықәса рзы Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1777-ҩык аҵаҩцәа, урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ахьтәы медал иаԥсахеит.
2023 шықәсазы ахьтәы медалла ашкол иалгеит ԥшьҩык аушьҭымҭацәа- Николь Какалиаԥҳа Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи ашкол аушьҭымҭа, Арина Мелитиан Инал-иԥа ихьӡ зху Бзыԥҭатәи аҩбатәи ашкол, Елизавета Чакмач-огли Валериа Кешьиани Иури Гагарин ихьӡ зху Гагратәи аԥшьбатәи ашкол аушьҭымҭацәа.