АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа жәаба, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы, уахыки-ҽнаки рыла икажьуп аицҭырҟьаратә системақәа HIMARS рреактивтә хгәыцәқәа быжьба.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит артиллериатә ҟәшақәа 86, 108 раион рҿы иҭадырхеит аибашьцәеи атехникеи.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 160 солдаҭ, х-кәылӡмашьынак, хә-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы-50 еибашьҩы, х-машьынак, агаубицақәа Д-30, Д-20, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҟны уахыки-ҽнаки рыла Киев иацәыӡит 120 еибашьҩы, ԥшь-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, ҩ-гаубицак Д-20, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 45 солдаҭ, ҩ-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла М77, агаубицак "Мста-Б".