Аԥсны

Аҟәа амшын аҟәараҟны аԥсыбаҩ рбеит

Аԥсны АҶА ашҟа адырра роуит ахәылбаҽха ԥхынгәы акы азы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аҟәа аҟәараҟны аԥсыбаҩ рбеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзура аҟынтәи.

"Адырра ҳауит амшын аҟәараҿы аԥсыбаҩ рбеит ҳәа. АҶА аусзуҩцәа аԥсыбаҩ амшын иамхны амилициа ирырҭеит", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Аԥсыбаҩ аԥсышьҭаҵарҭахь инаргеит ихаҭара ашьақәыргыларазы.