Аԥсны

Бжьаниа Путин дааиԥхьеит Аԥсны Ахьыԥшымреи Аиааиреи 30 шықәса ахыҵра аныҳәахь

Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Владимир Путини ҭелла реицәажәара мҩаԥысит асабша, ԥхынгәы акы азы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин ааԥхьара ииҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵреи ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи ирызку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа аҽалархәразы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны
Бжьаниеи Путини Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит
Уаанӡа Кремль апресс маҵзура иаанацҳахьан, Владимир Путин ҭелла Аслан Бжьаниа дышиацәажәаз атәы. Аԥсны ахада гәыҩбарада азакәанреи аконституциатә леишәеи рышьақәыргылара иазку Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа адгылара шриҭо атәы иҳәеит.
Аганқәа алацәажәеит акыр хра злоу ҩ-ганктәи амшхәаԥштә аҟны иқәгылоу азҵаарақәа, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа налаҵаны.