Аԥсны

Акруизтә лаинер "Князь Владимир" раԥхьатәи аныҟәара хнаркәшеит

Атуристцәа зҭаз урыстәылатәи акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аԥсны раԥхьатәи аныҟәара хнаркәшеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акруизтә лаинер "Князь Владимир" иҭаз апассаџьырцәа хымш Аԥсны иҟан, аӷба Аҟәатәи абаӷәаза ааннажьит, иара ԥхынгәы 3 рзы Шәача иҟалоит.
Ари аамҭа иалагӡаны асасцәа Аԥсны аҭыԥшӡарақәа ирҭаан ирбеит. Ргәы хнахит Афонҿыцтәи аберҭыԥи аҳԥи, аӡхыҽҽи. Аҟәатәи аԥшаҳәеи ашьхеи рыҟны аҳауацқьа рыхьдырсит.
Атуристцәа агәалаҟазаара бзиа рыманы алаинер иҭалеит, ирҳәеит ҳтәылаҿ рыҟазаара шыргәаԥхаз ҩаԥхьа ишаҭаауа.
Алаинер амшын ианхылоз аамҭазы апассаџьырцәа ҩаԥхьа Аҟәатәи абаӷәазаҿ аҳазалхратә усмҩаԥгатәқәа ирхысит, анаҩс аӷба аҩнуҵаҟа. Акруизтә лаинер "Князь Владимир" атуристцәа аманы Аԥсныҟа иааит рашәара 30 рзы.
Сынтәа аӷба ныҟәалоит Шәача-Аҟәа-Шәача ахырхарҭала. Акруиз хәымш имҩаԥысуеит, хымш Аҟәа абаӷәазаҿы игылазаауеит. Аԥхынтәи аамҭа иалагӡаны еиҿкаахоит 10 круиз рашәара 29 инаркны цәыббра 11 рҟынӡа.