Аԥсны

Аԥсны Аҩадатәи Кипр аус ацуразы алшарақәа ҭнаҵаауеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр усутә ныҟәарыла Аҩадатәи Кипр днеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Аԥсны Аҩадатәи Кипр аекономика-инвестициатә усеицуразы лшарақәас иҟоу ҭнаҵаауеит. Абри атәы Sputnik Ааигәатәи аҳәаанырцә иазеиҭеиҳәеит Адәныҟатәи аусбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба.
Аԥснытәи аделегациа рколлегацәеи дареи аилацәажәарақәа мҩаԥыргахьеит, адгьылбжьахаҟны атуристтә ргыларақәа ҭырҵааит.
"Ҳара даара ҳзҿлымҳауп Аҩадатәи Кипр, аԥхьаҟагьы аекономика -инвестициатә усеицуразы лшарақәас иҟоу ҭаҳҵаауеит", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Арӡынба иазгәеиҭеит, Аҩадатәи Кипр жәларбжьаратәи асанкциақәа шадҟарҵалогьы, Ҭырқәтәыла мацара ишазханаҵазгьы аекономика шеизҳауа.
Иара иҳәеит араҟа қәҿиарала аизҳара шамоу атуристә хырхарҭеи азаҵәҭиратә хәҳаахәҭреи.