АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik. Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аа-шықәса зхыҵуа Дамеи Қәычбериа изы аԥареизгара хацнаркит.
Ахәыҷ иан Џьенни Қәычбериаԥҳа илҳәеит Дамеи дышхәыҷы еилыххоу, игәырҵҟәыл шыбзиоу. Сынтәа иара хәба ҳәа актәи акласс далгеит. Аҵараҵара адагьы иара бзиа ибоит ашьапылампыл. Дамеи хәыҷы даара Леонель Месси дигәаԥхоит, ахәмарыҩ ду дишьклаԥшуеит, ихаҭагьы ԥхьаҟа дшьапылампыласыҩхарц иҭахуп.
"Москваҟа аҽыхәышәтәразы ҳаҟан. Жәеиза курс ҳархысит. Уажәы аоперациа мҩаԥгатәуп", - лҳәеит ахәыҷ иан.
Дамеи Қәычбериа изы афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит
© Sputnik
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым-атравмотолог Гьаргь Морохиа иҳәеит Дамеи ипроблемақәа зыхҟьо ибаҩқәа руашәшәырара шакәу.
"Аоперациа аан изныкымкәа иԥҵәахьоу иармарахьтәи ишьапыргәацә ателескоптә еидкылага ҭадыргылоит. Ахәыҷы изҳацыԥхьаӡа аиҵыхра алшоит. Анаҩс иарӷьа шьапгьы иара убасҵәҟьа аҭаххоит. Узықәгәыӷша ыҟоуп. Ҳаргьы ҳгәыӷуеит", - иҳәеит аҳақьым.
Афонд ауааԥсыра рымадаразы аменеџьер Асида Мархолиаԥҳа илҳәеит Дамеи Қәычбериа аоперациа изымҩаԥгаразы 1,6 миллион мааҭ еизгатәуп ҳәа.
"Ари аҭаацәа ирылшо ак акәӡам. Убри инадҳәаланы аԥареизгара хацҳаркит, ахәыҷы ишьапы дықәгыларц, иҩызцәа реиԥш дыҩуа-дыԥо дҟаларц. Ааԥхьара ҟаҳҵоит досу илшо ала аԥареизгара ихы алаирхәырц", - лҳәеит лара.
Ахәыҷы ацхыраара иҭашьа еилышәкаарц шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.