https://sputnik-abkhazia.info/20230703/damei-ychberia-izy-afond-ashana-aareizgara-khatsnarkit-1046692278.html
Дамеи Қәычбериа изы афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит
Дамеи Қәычбериа изы афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит
Sputnik Аҧсны
Аа-шықәса зхыҵуа Дамеи Қәычбериа ачымазара ҷыда – остеогенез имоуп. Иара ихәышәтәра ацҵаразы миллионки бжаки еизгатәуп. 03.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-03T20:20+0300
2023-07-03T20:20+0300
2023-07-04T00:58+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/03/1046682354_0:218:2867:1831_1920x0_80_0_0_f4bc97e119989732724a2af856d9b1c2.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik. Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аа-шықәса зхыҵуа Дамеи Қәычбериа изы аԥареизгара хацнаркит.Ахәыҷ иан Џьенни Қәычбериаԥҳа илҳәеит Дамеи дышхәыҷы еилыххоу, игәырҵҟәыл шыбзиоу. Сынтәа иара хәба ҳәа актәи акласс далгеит. Аҵараҵара адагьы иара бзиа ибоит ашьапылампыл. Дамеи хәыҷы даара Леонель Месси дигәаԥхоит, ахәмарыҩ ду дишьклаԥшуеит, ихаҭагьы ԥхьаҟа дшьапылампыласыҩхарц иҭахуп."Москваҟа аҽыхәышәтәразы ҳаҟан. Жәеиза курс ҳархысит. Уажәы аоперациа мҩаԥгатәуп", - лҳәеит ахәыҷ иан.Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым-атравмотолог Гьаргь Морохиа иҳәеит Дамеи ипроблемақәа зыхҟьо ибаҩқәа руашәшәырара шакәу."Аоперациа аан изныкымкәа иԥҵәахьоу иармарахьтәи ишьапыргәацә ателескоптә еидкылага ҭадыргылоит. Ахәыҷы изҳацыԥхьаӡа аиҵыхра алшоит. Анаҩс иарӷьа шьапгьы иара убасҵәҟьа аҭаххоит. Узықәгәыӷша ыҟоуп. Ҳаргьы ҳгәыӷуеит", - иҳәеит аҳақьым.Афонд ауааԥсыра рымадаразы аменеџьер Асида Мархолиаԥҳа илҳәеит Дамеи Қәычбериа аоперациа изымҩаԥгаразы 1,6 миллион мааҭ еизгатәуп ҳәа.Ахәыҷы ацхыраара иҭашьа еилышәкаарц шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/03/1046682354_68:0:2799:2048_1920x0_80_0_0_2d2cd8710adfd5d74230022344695a65.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Дамеи Қәычбериа изы афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит
20:20 03.07.2023 (ирҿыцуп: 00:58 04.07.2023) Аа-шықәса зхыҵуа Дамеи Қәычбериа ачымазара ҷыда – остеогенез имоуп. Иара ихәышәтәра ацҵаразы миллионки бжаки еизгатәуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik. Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аа-шықәса зхыҵуа Дамеи Қәычбериа изы аԥареизгара хацнаркит.
Ахәыҷ иан Џьенни Қәычбериаԥҳа илҳәеит Дамеи дышхәыҷы еилыххоу, игәырҵҟәыл шыбзиоу. Сынтәа иара хәба ҳәа актәи акласс далгеит. Аҵараҵара адагьы иара бзиа ибоит ашьапылампыл. Дамеи хәыҷы даара Леонель Месси дигәаԥхоит, ахәмарыҩ ду дишьклаԥшуеит, ихаҭагьы ԥхьаҟа дшьапылампыласыҩхарц иҭахуп.
"Москваҟа аҽыхәышәтәразы ҳаҟан. Жәеиза курс ҳархысит. Уажәы аоперациа мҩаԥгатәуп", - лҳәеит ахәыҷ иан.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым-атравмотолог Гьаргь Морохиа иҳәеит Дамеи ипроблемақәа зыхҟьо ибаҩқәа руашәшәырара шакәу.
"Аоперациа аан изныкымкәа иԥҵәахьоу иармарахьтәи ишьапыргәацә ателескоптә еидкылага ҭадыргылоит. Ахәыҷы изҳацыԥхьаӡа аиҵыхра алшоит. Анаҩс иарӷьа шьапгьы иара убасҵәҟьа аҭаххоит. Узықәгәыӷша ыҟоуп. Ҳаргьы ҳгәыӷуеит", - иҳәеит аҳақьым.
Афонд ауааԥсыра рымадаразы аменеџьер Асида Мархолиаԥҳа илҳәеит Дамеи Қәычбериа аоперациа изымҩаԥгаразы 1,6 миллион мааҭ еизгатәуп ҳәа.
"Ари аҭаацәа ирылшо ак акәӡам. Убри инадҳәаланы аԥареизгара хацҳаркит, ахәыҷы ишьапы дықәгыларц, иҩызцәа реиԥш дыҩуа-дыԥо дҟаларц. Ааԥхьара ҟаҳҵоит досу илшо ала аԥареизгара ихы алаирхәырц", - лҳәеит лара.
Ахәыҷы ацхыраара иҭашьа еилышәкаарц шәылшоит афонд "Ашана"
аофициалтә саит аҿы.