АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Амилаҭ парк "Кәыдры аҩхаа" адгьылҵакыра аҟынтәи 16 гектар абнатә фонд иаҭоуп 10 шықәса ахархәараз 2032 шықәсанӡа.
Жәлар Реизара адепутатцәа ишьақәдырӷәӷәеит жәабран 8 2023 шықәсазы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаларгалаз аԥсахрақәа "Аԥсны амилаҭтә парк "Кәыдры аҩхаа" аԥҵаразы" аиҳабыра рықәҵара.
Апроект рыдигалеит адепутат Ҭемыр Беиа. Иара иазгәеиҭеит, ихаҭа апарк аҵакыра аиҵатәра дшақәшаҳаҭамыз, акомитет аилатәараҿы ргәаанагарақәа шеиҟарахаз. Убри аан Беиа иҳәеит, 2019 шықәсазы Амилаҭ парк анаԥырҵуаз ишазгәарамҭаз уи аҵакыраҟны Очамчыреи Гәылрыԥшьи рраионқәа рыбнанхамҩақәа аус шыруаз.
Апсны абнанхамҩа аиҳабы Анзор Ашәхаҵаа иажәақәа рыла уи иахҟьаны ҩ-раионк рҟынтәи анхамҩа аусзуҩцәа 61-ы усурҭада иаанхеит.
Амилаҭ парк "Кәыдры аҩхаа" иааизакны адгьылҵакыра 136 нызқьи 440 гектар аҵанакуан.