Аԥсны

Аԥсны аибашьра аветеранцәа рзы азакәан рыдыркылеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит "1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзы", "Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара азы" азакәанқәа.
Адокумент ишьақәнаргылоит аветеранцәа рсоциалтә зинқәеи категориала реихшареи.
Адепутат Беслан Ҳалуашь иажәақәа рыла, азакәан адкылара ашьҭахь иаҭаххоит аветеранцәа ашәҟәы реиҭаҭаҩра амҩаԥгара еиҳа ииашоу адыррақәа риуразы.
Азакәан амчра аиуеит 2024 шықәса инаркны.