Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ацҳа ҿыц хырҵеит

Ацҳа ҿыц ахҵараан иуснагӡатә хаданы иҟан аӡымҩасра иаԥырхагымхартә еиԥш ашьаҟақәа рырҭбаара, иара убас аидарамҩангага машьына дуқәа ықәсыртә аҟаҵара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ иалсуа Кәыдры маҷ ацҳа ҿыц хырҵеит.
"Аԥсныҟәарахьчара" анџьныр хада Иури Воробиов иажәақәа рыла, ари аҭыԥ аҿы лассы-ласс аӡы хыҵуан ацарҭа ахьыуадаҩыз азы.
"Ара уаанӡа ишьҭаҵан аӡымҩасырҭа мацәаз дуқәа, аха дара рылшарақәа лаҟәын. Аӡхыҵраан ацҳа аӡы захысуамызт азы аҭыԥантәи ауааԥсыра рынхарҭақәа рахь иқәлон. Убри азы иӡбан 12 метра иҟоу ацҳа хҵазарц. Даҽакгьы иазгәаҭан - агәамсамкаԥсарҭахь аидарамҩангага машьына дуқәа рнеира", - ҳәа иҳәеит иара.
Аргылаҩцәа уаанӡатәи абетонтә конструкциақәа, аҵаргәақәа, аӡоушьҭырҭа мацәазқәа, аплитақәа ықәыргеит. Аҵаргәа ҿыцқәа дыргылеит.
Аусурақәа лаҵарамзазы ирылаган, ихыркәшахеит рашәарамзаз. Ахарџьынҵа 10 миллион мааҭ азгәаҭоуп.