Аԥсны аӡбахә схәыҷы аахыс исаҳауан, Аԥсны амшала ашкол санҭаз быжь-шықәса ансхыҵуаз "алаба сфахьеит" ҳәа ихациркит аиҿцәажәара Шьамси. Уи ахҭыс шыҟалаз игәаларшәо иҳәеит, усҟан аԥсышәала ацәажәара азин шрымамыз.
"Угәы иамыхәаша рацәоуп Аԥсны. Ҳашьцәа ишәаны изааӡом. Аԥсуаа ҳмаҷуп, аха аиҵашьыцра ҳара иҳамоуп, аисра ҳара иҳамоуп, аҭахара ҳаҿуп. Уаар, агәылацәа уацәажәаӡом, избан ҳәа азҵаара гылоит. Ҳашәқәа х-цыԥхак рымоуп, ҩ-шәык ҳамоуп, аихашә амоуп. Ҳарҭ урҭ ҳрышьцылаӡам. Уи ауп изымаауа. Аҩны сырымҭаӡеит, адгьыл сырымҭаӡеит ҳәа акәӡам. Уи аԥсуа даҳәаӡом. Уа аҩны змам аԥсуа дыҟаӡам. Ара дахьааиуа, игәы ҭынчзар иҭахуп", – ҳәа иҳәеит Шьамси.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.