Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥлиа ҳџьынџьуаа рырхынҳәразы: Аԥсны агәҭынчра рыманы ишыҟало рдыруазар, иаауеит

Зхьышьҭра змырӡыз: Шьамси Ԥлиа Аԥсны анхара иазкны
Анапаҵаҩра
2008 шықәса рзы Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхараҳәа иааз Шьамси Ԥлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, уи азы аӡбамҭа шидикылаз, ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәраҿы иаанызкыло.
Аԥсны аӡбахә схәыҷы аахыс исаҳауан, Аԥсны амшала ашкол санҭаз быжь-шықәса ансхыҵуаз "алаба сфахьеит" ҳәа ихациркит аиҿцәажәара Шьамси. Уи ахҭыс шыҟалаз игәаларшәо иҳәеит, усҟан аԥсышәала ацәажәара азин шрымамыз.
"Угәы иамыхәаша рацәоуп Аԥсны. Ҳашьцәа ишәаны изааӡом. Аԥсуаа ҳмаҷуп, аха аиҵашьыцра ҳара иҳамоуп, аисра ҳара иҳамоуп, аҭахара ҳаҿуп. Уаар, агәылацәа уацәажәаӡом, избан ҳәа азҵаара гылоит. Ҳашәқәа х-цыԥхак рымоуп, ҩ-шәык ҳамоуп, аихашә амоуп. Ҳарҭ урҭ ҳрышьцылаӡам. Уи ауп изымаауа. Аҩны сырымҭаӡеит, адгьыл сырымҭаӡеит ҳәа акәӡам. Уи аԥсуа даҳәаӡом. Уа аҩны змам аԥсуа дыҟаӡам. Ара дахьааиуа, игәы ҭынчзар иҭахуп", – ҳәа иҳәеит Шьамси.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0