Аԥсны

Риҵатәи апарки Афон ҿыцтәи аҳаԥи рхашәала аҟынтә Аԥсны х-раионк аԥара рзоужьхоит

Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь ахыԥхьаӡаларақәа рышьақәыргылараз" азакәан, 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа амчра амазаауеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Риҵатәи апарки Афон ҿыцтәи аҳаԥи рҟынтә аԥара рзоужьхоит Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа.
Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь ахыԥхьаӡаларақәа рышьақәыргылараз" азакәан.
Азакәан инақәыршәаны апарки аҳаԥи рбилеҭқәа рыхәԥсаҟынтә:
150 мааҭ Гәдоуҭа араион иазынашьҭхоит, 50-50 мааҭ Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа.
Альготатә билеҭқәеи 8-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы абилеҭқәеи арахь иаҵанакуам.
Иарбоу ахыԥхьаӡаларақәа абасеиԥш рҽеихыршоит:
Гәдоуҭа араион абиуџьет ахь - 50%;
Афон Ҿыц ахашәалақәеи ахарџьқәеи рхарџьынҵахь - 50%.
Азакәан 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа амчра амазаауеит