1993 шықәса ԥхынгәымзазы имҩаԥган Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҷыдоу аҭыԥ аанызкыло ажәылара. Уи аԥхьа акымкәа иманшәаламхаз аоперациақәа рышьҭахь, аԥсуа архәҭақәа даҽазнык ижәылеит ақырҭқәа ирымпыҵархалаз рыдгьылқәа рхақәиҭтәразы. Ажәылара иалахәын аҩфронткгьы - Гәымсҭатәии Мрагыларатәии.
Гәымсҭатәи афронт аҿы ажәылара иалагеит ԥхынгәы 2 ауха. Раԥхьа Лада Ешыра актәи абригада ахԥатәи абаталион жәылеит. Дара аԥшыхәратә рота рыцхыраарала ирылшеит Гәымсҭа ирны рхахьы аӷа ихьарԥшра, егьырҭ абаталионқәа Ҩада Ешыра ижәылонаҵы. Ихадоу ажәылара ҳәа иԥхьаӡан Гәымсҭатәи афронт арымаратәи аган - уа Ахалшени-Камантәии Аҳабҩықә-Абыӡахәтәии (Цугуровка) ахырхарҭақәа рыла аҩбатәи абригада аӷа ааха ирҭар акәын. Ԥхынгәы 3 асааҭ 16 рзы а-4-тәи абаталион еибашьны иргеит Аҳбиук аҳаракыра, аха ирзаанымкылеит. Егьырҭ ах-баталионк аҳаракырақәа Аҳабҩықә-Абыӡахә (Цугуровка) рышҟа ихалеит, аха минала ирыԥхыз адәы ирнаҭомызт ԥхьаҟа аиҭаҵха, шьҭахьҟа илыбаар акәхеит. Аҩбатәи абригада арыӷьарахьтәи аган аҟны ажәылара хыбгаларц ианаҿыз аамҭазы, армаратәи аган аҿы иманшәалахеит. Ешыра - Афонтәи абаталион аибашьцәа ирылшеит ақыҭа Каман ахақәиҭтәра.
30 шықәса раԥхьа иҟаз аибашьра ахҭысқәа арадио Sputnik аефир аҟны иргәаладыршәеит абаталион "Горец" аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Арсен Ажьибеи Ешыра-Афонтәи абаталион амедеҳәшьа, Леон иорден занашьоу Шьазина Џьапуаԥҳаи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.