АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Аԥсны авиациа имҩаԥнаго аԥыррақәа аҽазыҟаҵаратә, аҵаратә ҟазшьа рымоуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Атәылахьчара аминистрра.
Аԥыррақәа рхырхарҭеи, апилоттә цәаҳәеи, аԥыррақәа рыҳаракыреи ҳәаақәҵоуп аҽазыҟаҵаратә курсқәа рыԥҟарақәа инарықәыршәаны.
Аԥыррақәа зегьы Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ишьақәнырӷәӷәаз аҳауатә ҵакыра аҳәаақәа реилазаара ирҭыҵуам.