Аԥсны

Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҟәша ҿыц ахиазаара гәеиҭеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада инапынҵала иаԥҵоуп ҳаамҭа иақәшәо аԥеиԥш змоу абџьари атехника ҷыдеи рыла еиқәыршәоу Атәылахьчара аминистрра аҟәша ҿыц.
Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҟәша ҿыц ахиазаара гәеиҭеит аҽазыҟаҵарҭа Нагвалоу аҟны.
Ҳаамҭазтәи аибашьарқәа рцашьа хықәкыс иҟаҵаны Адҵаҟаҵаҩ хада иӡбрала атәылахьчара аминистрра иадҵоуп аҟәша аилазаара азырхиара.
Гәынба идырбеит аҭыԥ аҿы иҭыжьу аԥшыхәратә еиԥш ажәыларатә ҟазшьагьы змоу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рԥышәаратә хкқәа, анапхгараҭаратә системақәа, арҭ ахархәагақәа рыцхыраарала артиллериа ажәылашьақәа.
Гәынба иибаз ахә ҳаракны ишьеит, иазгәеиҭеит аизҳара шамоу атехника ҷыда аҭыжьра.