АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. 2023 шықәса аԥхьатәи фымз рыҩнуҵҟа Аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа иаадырԥшит 127 закәанԥҵаратә еилагара. Абри атәы аанацҳауеит Аилак апресс-маҵзура.
Хараԥсак аҳасаб ала ареспублика абиуџьет иалагалоуп 2,71 миллион мааҭ. Аилак аусзуҩцәа ари аамҭа иалагӡаны иааныркылеит: 342 нызқь аҭаҭын аалыҵ, 473 ԥаҭлыка арыжәтә, 670 електронтә сигареҭ, акалиан азы 305 ҭоԥ аҭаҭын, 206 ԥаҭлыка қырҭтәылатәи аминералтә ӡқәа, 12 маининг маруга, 454 кьыла аԥшшәы змоу аметаллқәа, 458 кьыла араса.
Иара убасгьы иаарԥшын анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи аҳәаа рахыгара аҽазышәара. Ирымхын: 56,6 грамм амефедрон, 6 граммк аметадон, 0,6 грамм агероин, 59,7 грамм "Лирика".