https://sputnik-abkhazia.info/20230707/aazalkhrat-eilaky-2023-shysa-azhyrnyaakhys-shky-reia-aazat-areilagara-azganaeit-1046770019.html
Аҳазалхратә еилакы 2023 шықәса ажьырныҳәаахыс шәкы реиҳа аҳазатә ԥҟареилагара азгәанаҭеит
Аҳазалхратә еилакы 2023 шықәса ажьырныҳәаахыс шәкы реиҳа аҳазатә ԥҟареилагара азгәанаҭеит
Sputnik Аҧсны
2023 шықәса ажьырныҳәамзаахыс Аԥсны абиуџьет ахь инеит хараԥсак аҳасаб ала ҩ-миллионк рҟынӡа мааҭ. 07.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-07T15:35+0300
2023-07-07T15:35+0300
2023-07-07T15:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102937/90/1029379036_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_08e95984d78ed9ec420bdfe73c1ed062.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. 2023 шықәса аԥхьатәи фымз рыҩнуҵҟа Аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа иаадырԥшит 127 закәанԥҵаратә еилагара. Абри атәы аанацҳауеит Аилак апресс-маҵзура. Хараԥсак аҳасаб ала ареспублика абиуџьет иалагалоуп 2,71 миллион мааҭ. Аилак аусзуҩцәа ари аамҭа иалагӡаны иааныркылеит: 342 нызқь аҭаҭын аалыҵ, 473 ԥаҭлыка арыжәтә, 670 електронтә сигареҭ, акалиан азы 305 ҭоԥ аҭаҭын, 206 ԥаҭлыка қырҭтәылатәи аминералтә ӡқәа, 12 маининг маруга, 454 кьыла аԥшшәы змоу аметаллқәа, 458 кьыла араса. Иара убасгьы иаарԥшын анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи аҳәаа рахыгара аҽазышәара. Ирымхын: 56,6 грамм амефедрон, 6 граммк аметадон, 0,6 грамм агероин, 59,7 грамм "Лирика".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102937/90/1029379036_223:0:2000:1333_1920x0_80_0_0_c0e4f8c3f19d37507c88d82ec2118dd3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аҳазалхратә еилакы 2023 шықәса ажьырныҳәаахыс шәкы реиҳа аҳазатә ԥҟареилагара азгәанаҭеит
2023 шықәса ажьырныҳәамзаахыс Аԥсны абиуџьет ахь инеит хараԥсак аҳасаб ала ҩ-миллионк рҟынӡа мааҭ.
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. 2023 шықәса аԥхьатәи фымз рыҩнуҵҟа Аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа иаадырԥшит 127 закәанԥҵаратә еилагара. Абри атәы аанацҳауеит Аилак апресс-маҵзура.
Хараԥсак аҳасаб ала ареспублика абиуџьет иалагалоуп 2,71 миллион мааҭ. Аилак аусзуҩцәа ари аамҭа иалагӡаны иааныркылеит: 342 нызқь аҭаҭын аалыҵ, 473 ԥаҭлыка арыжәтә, 670 електронтә сигареҭ, акалиан азы 305 ҭоԥ аҭаҭын, 206 ԥаҭлыка қырҭтәылатәи аминералтә ӡқәа, 12 маининг маруга, 454 кьыла аԥшшәы змоу аметаллқәа, 458 кьыла араса.
Иара убасгьы иаарԥшын анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи аҳәаа рахыгара аҽазышәара. Ирымхын: 56,6 грамм амефедрон, 6 граммк аметадон, 0,6 грамм агероин, 59,7 грамм "Лирика".