АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ҽнактәи ацәыргақәҵа "Аҟәа. Еснагь иуцу аныҳәа" аатит аҳҭнықалақь Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асабша, ԥхынгәы 8 рзы.
Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, сынтәатәи ацәыргақәҵа тема хадас иамоуп акультуратә гәалашәара аҭыԥқәа.
"20-30-тәи ашықәсқәа раамҭазтәи акультуратә ҭыԥқәа Валентин Контареви Борис Петрови русумҭақәа рҿы, 50-60-тәи ашықәсқәа раамҭазтәи - Варвара Бубновеи Ольга Брендели русумҭақәа рҿы, 70-тәи ашықәсқәа - Виссарион Ҵәыџьбеи Геннади Ашкариани русумҭақәа рҿы, 2000-тәи ашықәсқәа - Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рҿы. Ҳазҭагылоу аамҭазтәи аусумҭақәа зтәу иахьа арҿиара иаҿу асахьаҭыхыҩцәа ртәоуп", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Иахьатәи ацәыргақәҵаҿы иҳыргоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз аусумҭақәа 35. Аҳҭнықалақь еиуеиԥшым аамҭақәа рзы асахьаҭыхыҩцәа ишырбоз иахәаԥшыр рылшоит изҭаху зегьы.