Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәеи Москвеи русеицуразы аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Глава Сухума Беслан Эшба и министр правительства Москвы Сергей Черемин подписали соглашение о сотрудничестве двух столиц
Глава Сухума Беслан Эшба и министр правительства Москвы Сергей Черемин подписали соглашение о сотрудничестве двух столиц - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2023
Анапаҵаҩра
Адокумент анапаҵаҩра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә еиҿкаан Аҟәа амш иақәыршәаны, сынтәа уи ԥхынгәы 8 рзы иазгәарҭоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа ақалақь ахадареи Москва Аиҳабыреи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит асабша, ԥхынгәы 8 рзы.
Аԥсны аҳҭнықалақь ахьӡала аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Аҟәа ахада Беслан Ешба, Урыстәыла аҳҭнықалақь ахьӡала - Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент аиҳабы Сергеи Чериомин.

Аиқәшаҳаҭра нап аҵаҩуп аҩқалақьк русеицура арҿиареи уи иқәынхо ауааԥсыра рыбжьара аиҩызареи аилибакаареи рырӷәӷәареи хықәкыс иҟаҵаны. Уи инақәыршәаны амҩа-транспорттә инфраструктура, ақалақьргылара, аинформациатә технологиақәа, аҵараиура, акультура, агәабзиарахьчара русхкқәа рҟны аусеицура мҩаԥыслоит.

"Иахьа ҳара ҳнапы аҵааҩит алшара ҿыцқәа ҳзаазыртуа аиқәшаҳаҭра. Уи асоциалтә хырхарҭа амоуп - аспорт, акультура, аҵараиура, аҿартә политика, ақалақьргылареи анхамҩеигьы уахь иалаҵаны. Иахьабалак ацхыраара ҳарҭалоит. Ҳара уи аҭакԥхықәра ду ҳаднаҵоит, аус ҳаулоит ари зегьы ҳаԥсахарц азы", - иҳәеит Ешба.
"Иахьа ҳара ҳнапы аҵаҳҩит алшара ҿыцқәа ҳзаазыртуа аиқәшаҳаҭра. Уи асоциалтә хырхарҭа амоуп - аспорт, акультура, аҵараиура, аҿартә политика, ақалақьргылареи анхамҩагьы уахь иалаҵаны. Иахьабалак ацхыраара ҳарҭалоит. Ҳара уи аҭакԥхықәра ду ҳаднаҵоит, аус ҳаулоит ари зегьы ҳаԥсахарц азы", - иҳәеит Ешба.
Иара убас иара иҳәеит аусутә гәыԥқәа ҩба шаԥҵахо - атранспорттә инфраструктуреи ишәарҭам амҩатә ныҟәареи рзи архитектуреи ақалақьргылареи рзи.
Чериомин иакәзар, инаҵишьит иахьа Москва ақалақьргылареи асоциалтә усхки рҿы аԥхьагылара змоу ақалақь шакәу, уи иамоу аԥышәа Аҟәа иаманадарц ишыхиоу.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳҩызцәа ҳԥышәеи ҳдыррақәеи рымадара ахьҳалшо. Ари аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра - ҭоурыхтә хҭысуп", - иҳәеит Чериомин.

Аҟәа амш есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшазы, сынтәа уи ақәшәеит ԥхынгәы 8. Аҳҭнықалақь аԥшәмацәеи асасцәеи рзы еиҿкаахоит еиуеиԥшым агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа - ацәыргақәҵақәа, аконцертқәа, ахыци ахәымпали рыла ахысра, аишәатә хәмаррақәа, иара убас асалиут.
Президент Аслан Бжания принял министра правительства Москвы Сергея Черемина - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2023
Аԥсны
Аҟәеи Москвеи рыбжьара аусеицура иалацәажәеит Аслан Бжьаниеи Сергеи Чериомини
Ажәабжьқәа зегьы
0