Аԥсны

Гагра араион иаҭаауа рҽааныркыларц рабжьыргоит Аԥсны АҶА

Ԥхынгәы 9 рзы Гагра араион ақәыршҩы ӷәӷәа леит. Уи иахҟьаны ахатәы ҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩадуқәа рыҟны аныҟәара уадаҩхеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Амшцәгьақәа ирыхҟьаны Аԥсны АҶА абжьгара ҟарҵоит Гагра араион иаҭаауа рҽааныркыларц, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ашьыжь ԥхынгәы 9 рзы аусбарҭахь иаарыцҳаит, ақәаршҩы ӷәӷәа илеиз иахҟьаны аҩнқәа, амҩадуқәа аӡы шрыҵалаз азы. Гагра араион иатәу АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә маҵзура аусзуҩцәа зегьы дәықәҵан ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы.
Гагра араион Лӡаа ақыҭан аҩнқәа актәи аихагылақәа аӡы рыҩналеит.
Агараки ақыҭан АҶА адырраҭарала аӡымҭҟьар леит.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә гәаҭаратә маҵзура аҟазауаа гагратәи аиқәырхаҩцәа рыцхыраараз ишьҭуп, иаҭаххар ауаа алгахоит.
Амҩаду хадаҟны аҵла каҳаит ҳәа аусбарҭаҟны иҳәаӡам. Бзыԥҭа инаркны амҩаду хадаҟны амашьынақәа рцара уадаҩуп. Иҟоу адыррала бзыԥҭатәи агәаҭарҭаҟаны амҩа аркуп.
Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ирабжьыргоит, акәаршҩы ашьҭахь амшын цқьахаанӡа ԥшьымш амшын иҭамларц.