Аԥсны

Аԥсны аамҭа кьаҿла аԥсшьара ахьухыуго еицырдыруа атәылақәа рыбжьара иҟоуп

Аԥхын аамҭазы урыстәылантәи ҳтәыла иаҭаауа рхыԥхьаӡара инықәырԥшны миллионҩык рҟынӡа инаӡоит. Иара убас, 60% Шәачантәи мышктәи аԥсшьараз иаауеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Аԥсны аамҭа кьаҿла аԥсшьара ахьухыуго еицырдыруа атәылақәа рыбжьара иҟоуп урыстәылауаа ргәаанагарала. Реиқәыԥхьаӡа шьақәдаргылеит атуроператорцәа ҳәа аанацҳауеит АТОР.
Аҭҵааҩцәа ргәаанагарала, атәыла анҭыҵтәи атурқәа заа раанкыларақәа ицәгьамкәан еизҳауеит.
Урыстәылауаа иалырхуа еицырдыруа атәылақәа иреиуоуп:
Ҭырқәтәыла - Анталиа, Даламан, Бодрум, Сҭамԥыл,
Египет - Хургада, Шарм-Ель-Шеих,
ЕАЕ - Шарджа, Абу-Даби, Дубаи,
Ермантәыла - Ереван,
Беларус,
Азербаиџьан,
Аԥсны,
Ҟазахсҭан - Актау,
Мальдивы - Мале.