Аԥсны

"Аԥсныеихамҩа": аамҭакьаҿк иалагӡаны адәыӷбақәа рныҟәара шьақәыргылатәуп

Аԥсны адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп Гагра араион иауз ақәаршҩы ӷәӷәа адәыӷбамҩа ахьҵнаӡәӡәааз иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik, Бадри Есиава. "Аԥсныеихамҩа" аамҭа кьаҿк иалагӡаны адәыӷбамҩа ашьақәыргылара агәы иҭоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа.
Иара иажәақәа рыла, ааҭгыларҭа "Гагреи" 150 метра инарзынаԥшуа "Бзыԥ" ааҭгыларҭеи рыҟны аӡы иҵнаӡәӡәааит.

"Уажәы уаҟа аҽазыҟаҵаратә усурақәа ирылагахьеит аиҭашьақәаргылараз. Ҳгәы иҭоуп иаарласны аиҭашьақәыргылара, ауааи атехника рацәеи адгалоуп," - ҳәа иҳәеит Ҷыҭанаа.

Ԥхынгәы 9 рзы Гагра араион ақәаршҩы ӷәӷәа леит. Уи иахҟьаны ахатәы ҩнқәа, адәқьанқәа, ахатәы сасааирҭақәа аӡы рыҩналеит, ҭыԥқәак рыҟны амҩадуқәа ҵныӡәӡәааит. Адәыӷбақәа рныҟәара аанкылоуп.
Аԥсны
Гагра араион ареспубликатә мҩаду аҟны амашьынақәа рныҟәара шьақәыргылоуп