Аԥсны

Гагра араион аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы рҳәеит АҶА аҟны

Гагра араион илеиз акәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз аусурақәа цоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Гагра араион аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иаҿуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра апресс-маҵзура аусзуҩцәа.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, ақалақь агәҭа аӡы шцара ицахьеит, иҟоуп макьана ҭыԥқәак рыҟны иаанханы иахьыҟақәоугьы.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ауаа ралгара аҭахымхаӡеит, ааха зоуз ҳәагьы аӡәгьы дыҟаӡам.
Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аҳәара макьана изаацәоуп, уи ҩымш-хымш аҭаххоит ҳәа ахырҳәаауеит АҶА аҟны.