Аԥсны

Гагра араион ареспубликатә мҩаду аҟны амашьынақәа рныҟәара шьақәыргылоуп

Гагра араион аҟны аус ауеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхреи ааха зоуз рыцхраареи рзы аоперативтә штаб.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Гагра араион ареспубликатә мҩаду аҟны амашьынақәа рныҟәара хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра.
Аусбарҭаҟны ишазгәарҭаз ала, ақалақь аҟны амҩадуқәа ррыцқьара иаҿуп. Ақалақь агәаны аџьармыкьа иахыкәшаны амҩа рыцқьоуп, атехника ҷыда аус ауеит.
Риҵа ахырхарҭала амҩа 10-тәи инаркны 12-тәи акилометр аҟынӡа аԥкрақәа ыҟоуп.
Аԥсны АҶА заанаҵтәи адыррақәа рыла, ауаа ралгара аҭахымхаӡеит, ааха зоуз ҳәагьы аӡәгьы дыҟаӡам. Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥырҟәҟәаразы аусурақәа цоит. Иҟоу аԥхасҭа аҳәара макьана изаацәоуп.

Афымцалашараз ауадаҩрақәа

"Амшынеиқәафымцамч" аҟны ишырҳәаз ала Гагра араион аҟны афымцалашара ашьақәыргылара макьана изалыршахаӡом.
Араион аҟны иҟоу афымцеихшарҭақәа аӡы иӡаагылоуп.

"Макьаны акы аҳәара акәым, иҟоу аԥхасҭа ахәшьара аҭарагь уадаҩуп", - ҳәа азгәанаҭеит апресс-маҵзура.

Ԥхынгәы 9 рзы Гагра араион ақәаршҩы ӷәӷәа леит. Уи иахҟьаны ахатәы ҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩадуқәа рыҟны аныҟәара уадаҩхеит.