Аԥсны

Ԥхынгәы 10 рзы Риҵатәи апарк ахь уназго амҩаду аркхоит

Иауз ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны Бзыԥҭатәи аҩхааҿы фыџьара аӡымҭҟьар леит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи апарк ахь уназго амҩаду арыцқьаратә усурақәа инарымаданы иаркхоит ашәахьа ԥхынгәы 10 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭ парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
"Ари асааҭқәа рзы апарк ахь ахалара иахьӡаз амашьынақәа зегьы алыбаара рылшеит. Уаҵәы амш зегьы амҩа аҳаркыр ҟалап, адырра ҟаҳҵоит шьыбжьонӡа амҩа ааҳартыртә еиԥш аҭагылазаашьа ҟалар", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Иара иҳәеит, Гагра араион аҟны ԥхынгәы 9 руыхаз иауз ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны, Бзыԥҭатәи аҩхааҿы абыжьбатәи-ажәибыжьтәи акилометр ирыбжьанакыз аҭыԥ аҟны фыџьара аӡымҭҟьар шлеиз. Аӡәгьы машәыр имыхьӡеит. Апарк аиҳабыра амшцәгьа ахҟьаԥҟьа аԥыхраз атехника ҷыда ааргеит.
Аԥсны
"Аԥсныеихамҩа": аамҭакьаҿк иалагӡаны адәыӷбақәа рныҟәара шьақәыргылатәуп