Аԥсны

Амшцәгьақәа аԥхасҭа ирнаҭаз атәы иҳәеит Риҵатәи апарк аиҳабы

Риҵатәи амилаҭ парк аҟны ақәаршҩы ӷәӷәа илеиз иахҟьаны фыџьара аӡымҭҟьар леит, даҽа ҭыԥк аҟны аҵыргәатә ҭӡы каҳаит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны Риҵатәи амилаҭ парк аԥхасҭа аиуит, иацы аахыс амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз атехника ҷыда аус ауеит ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
"Фыџьара аӡымҭҟьар леит, ҭыԥк аҟны аҵыргәатә ҭӡы каҳаит, амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз аусурақәа цоит, даҽа сааҭқәак рышьҭахь иалгоит. Ҳгәы иҭоуп уаҵәы апарк ахь амҩа аартра", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны Риҵатәи амилаҭ парк аҟны аӡәгьы машәыр имыхьӡеит, ак заҵәык амашьынақәа рырацәара иахҟьаны атехнтка ҷыда ианаамҭаз иахьаҭахыз аҭыԥ ахь изымнеит ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа.