Аԥсны

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Гагра араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра рнапы алакуп

Гагра араион иахьаҵанакуа 800 рҟынӡа аҩнқәа амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа рыҭоуп ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит араион ахадараҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Гагра араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра рнапы алакуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аиқәырхаҩцәа аҩнқәа, ахыбрақәа, аӷәраҵақәа рҟынтәи аӡы хәашь рыҩныргоит.
Гагратәи аиқәырхаҩцәа рыцхрааразы иацы уахь инеит АҶА аусбарҭа хада аусзуҩцәагьы.
Ареспубликаҿы аҭыԥ змаз амшцәгьақәа рышьҭахь Аԥсны АҶА атәыла ауааԥсыреи асасцәеи ирабжьыргоит Гагра араион аҭаара рҽацәхьаркырц.
Адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылоуп аихамҩақәа ахьҵыӡәӡәаау азы.
Амҽыша, ԥхынгәы 9 азы АҶА аусзуҩцәа Гагра, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь араионқәа рҿы аӡхыҵраҭыԥқәа рҟынтәи 30-ҩык рҟынӡа атуристцәа еиқәдырхеит.
Гагра араион аҿы ахатәы нхамҩақәа аӡы рыҵалеит. Макьаназы ари арыцҳара амҽхак еилкаам.