Аԥсны

Бжьаниа Гагра араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа шцоз гәеиҭеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион ахадараҟны аилацәажәара мҩаԥигеит иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны. Анаҩс атәыла ахада днеит Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥҭа, Аԥсыӡзауад аҳабла рахь.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра рнапы алакуп иахәҭоу амаҵзура ҷыдақәа, аҭыԥантәи амчрақәа иахәҭаны иҟоу аӡбрақәа рыдыркылоит аамҭа маҷла аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥҭа, Аԥсыӡзауад аҳабла рахь инеираан.
Атәыла ахада араион ауааԥсыреи атуристцәеи дрыҿцәажәеит, аԥсабаратә рыцҳара амҽхак гәеиҭеит.
Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны аӡи афатәи раагара аиҿкааразы, аӡи афымцалашареи сааҭқәак рыҩнуҵҟала ишыҟало азы ажәа риҭеит.
Атәыла ахада зегь рахь ааԥхьара ҟаиҵеит иуадаҩу аҭагылазаашьаан аҭынчра аадырԥшырц, ишьақәирӷәӷәеит ааҳәынҭқарра иалшо зегь шыҟанаҵо араион аиҭашьақәыргылареи ашәарҭадара аԥҵареи рзы.