Аԥсны

Москватәи аԥсшьаҩы амшцәгьақәа раан хабарда дыбжьаӡит

Иӡыз аԥҳәыс лыԥшаара иаҿуп аԥснытәи аиқәырхаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Зхабар ыӡыз Москватәи аԥсшьаҩы лыԥшаара иаҿуп Гәдоуҭа араион Агараки ақыҭан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа.
Аԥҳәыс лхаҵеи лареи рыԥсы ршьон Агараки.
Дызбаз ишырҳәо ала, амшцәгьаан Бзыԥ аӡиас дагеит.