Аԥсны

20 инареиҳаны ҩны аӡы рыҵалеит ԥхынгәы 10-11 рзы Аԥсны иҟалаз амшцәгьа аан

Мышқәак Аԥсны илеиз ақәаршыҩқәа ареспублика араионқәа зегьы аԥхасҭақәа рынаҭеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Аԥсны 20 инареиҳаны ҩны аӡы рыҵалеит ԥхынгәы 10-11 рзы иҟалаз амшцәгьа аан ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҟны.
Гәылрыԥшь араион аҿы – жәа-ҩнык, Очамчырагьы - жәаба, акымкәа аҩнқәа - Аҟәа. АҶА аусзуҩцәа аӡы зыҩналаз ахыбрақәа ирыҩныртоит. Аӡәгьы иҭыԥ иахыгара аҭахымхеит ҳәа рҳәеит аусбарҭаҟны.
Уи адагьы, Гали Тҟәарчали рахь узго амҩақәа рҿы аҵлақәа ҩба каҳаит. АҶА аусзуҩцәа урҭ ирласны иԥҟаны амҩа ианыргеит.
Аԥсны
Очамчыра араион аҿы ақәаршҩы амҩақәа ҵнаӡәӡәааит, ацҳақәа ықәнагеит