https://sputnik-abkhazia.info/20230710/ochamchyra-araion-ay-aarshy-amaa-nyaait-atsaa-akhnageit-1046826550.html
Очамчыра араион аҿы ақәаршҩы амҩақәа ҵнаӡәӡәааит, ацҳақәа ықәнагеит
Очамчыра араион аҿы ақәаршҩы амҩақәа ҵнаӡәӡәааит, ацҳақәа ықәнагеит
Sputnik Аҧсны
Ԥхынгәы 9 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа амшцәгьа ӷәӷәа ҟалеит, аӡиасқәа хыҵны аҩнқәеи амҩадуқәеи ирнылеит. Ирацәаҩуп ӡыдеи лашарадеи иаанхаз. 10.07.2023, Sputnik Аҧсны
2023-07-10T18:44+0300
2023-07-10T18:44+0300
2023-07-11T01:24+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
очамчыра араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/01/1037378285_21:0:1001:551_1920x0_80_0_0_e3d4b1934fba5637983da33912144763.png
АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Очамчыра араион аҿы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа хыҵны аҩнқәеи амҩадуқәеи ирнылеит. Абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа. Очамчыра жәохә инареиҳаны ахатәыҩнқәа аӡы рыҩналеит, иара убас араион ақыҭақәак рҿгьы аҩнқәа аӡы рыҵалеит. Габелаиа иҳәеит уажәы араион ақыҭанхамҩа иаиуз аԥхасҭазы адыррақәа шеизырго. Араион ахадара аусзуҩцәа ақыҭақәа ирылсны амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа гәарҭоит ҳәа азгәеиҭеит Артемон Габелаиа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230710/bzhania-gagra-araion-ay-amshtsga-akhaaa-raykhrazy-ausuraa-shtsoz-geieit--1046825357.html
очамчыра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/01/1037378285_144:0:879:551_1920x0_80_0_0_41cc755ea568210d046894fc15f3e71b.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, очамчыра араион
аԥсны, ажәабжьқәа, очамчыра араион
Очамчыра араион аҿы ақәаршҩы амҩақәа ҵнаӡәӡәааит, ацҳақәа ықәнагеит
18:44 10.07.2023 (ирҿыцуп: 01:24 11.07.2023) Ԥхынгәы 9 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа амшцәгьа ӷәӷәа ҟалеит, аӡиасқәа хыҵны аҩнқәеи амҩадуқәеи ирнылеит. Ирацәаҩуп ӡыдеи лашарадеи иаанхаз.
АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Очамчыра араион аҿы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа хыҵны аҩнқәеи амҩадуқәеи ирнылеит. Абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
"Ақәаршҩықәа аԥхасҭа рырҭеит ақыҭақәа Ҷлоу, Маркәыла, Мықә, Лашькьындар рыҟны ақыҭамҩақәеи ацҳақәеи. Уажәы ҳара Ҷлоу ақыҭаҿ ҳаҟоуп. Ара ацҳақәа ҩба еиҭашьақәыргылатәуп, иҟоуп адгьыл ахьыҳәазаз аҭыԥқәагьы. Акәасқьа ақыҭан адгьыл ахьҳәазаз ҩнык ааха анаҭеит, аҭыӡқәа еиҟәшьшьеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Очамчыра жәохә инареиҳаны ахатәыҩнқәа аӡы рыҩналеит, иара убас араион ақыҭақәак рҿгьы аҩнқәа аӡы рыҵалеит.
Габелаиа иҳәеит уажәы араион ақыҭанхамҩа иаиуз аԥхасҭазы адыррақәа шеизырго.
Араион ахадара аусзуҩцәа ақыҭақәа ирылсны амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа гәарҭоит ҳәа азгәеиҭеит Артемон Габелаиа.