АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Виссарион Ҵәыџьба иусумҭақәа рцәыргақәҵа "Ашьхарахь амҩа" аатит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҿы аҩаша, ԥхынгәы 11 рзы.
"Иахьа иаатит еицырдыруа, акыр шықәса аҟазара иазааԥсахьоу аԥсуа сахьаҭыхыҩ-аҿыханҵаҩ Виссарион Ҵәыџьба иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уи ирҿиара зегьы атәы цәыргақәҵак аҟны аӡбахә аҳәара даара иуадаҩуп, иара 60 шықәса инеиҳаны аҟазара дазааԥсоит. Иахьа ҳара иаабо уи ирҿиара ахәҭак ауп. Хымԥада иҳәатәуп Виссарион Акәын-иԥа Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа дшахагылаз, иԥсҭазаара аиҳарак ауаажәларратә усура ишазикыз", - лҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Лара лажәа иацҵо илҳәеит Виссарион Ҵәыџьба ицәыргақәҵаҿы ахәаԥшцәа ирбар шрылшо 1970 шықәса раахыс иаԥҵаз рыдагьы, иахьатәи аамҭазы иаԥҵаз аусумҭақәагьы.
Виссарион Ҵәыџьба - Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла алахәыла, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа уаанӡатәи аиҳабы. 2014 шықәса рзы иара иҭыхымҭа "Исыциз ашьха" Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла есышықәсатәи аԥхьахә актәи аҩаӡара анашьан.
Аҟаза исахьақәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиаҿы, асахьаркыратә фонд, Урыстәылеи аҳәаанырцәи ахатәы коллекциақәа рҿы иҵәахуп.