Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба: аҟазара уаҩы иҭахымхар, аҳәынҭқарра иаҭахымхар, ихыбгалоит, аамҭа иархәашоит

© SputnikСергей Цвижба
Сергей Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ Виссарион Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит асахьаҭыхратә ҟазара иахьазы уамак азҿлымҳара амаӡам ажәлари аҳәынҭқарреи ирҭахыҵәҟьаны иахьыҟам азы ҳәа.

Ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхыҩцәа алкаахеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә зал аҟны иӡыргаз аусумҭақәа рыла. Актәи аҭыԥ еицеиҩыршеит Виссарион (Сергеи) Ҵәыџьбеи Руслан Габлиеи, аҩбатәи аҭыԥ - Диана Хынҭәԥҳа, ахԥатәи - Адгәыр Амԥари Сандро Арҩҭааи.

Ҵәыџьба: аҟазара уаҩы иҭахымхар, аҳәынҭқарра иаҭахымхар, ихыбгалоит, аамҭа иархәашоит

"Аиаша аартны иаҳҳәозар, асахьаҭыхыҩ хыцҩыцк изааигәоу ауаа рыда, аӡәгьы иҭахӡам иҟазара. Арҿиаҩы азанааҭ аналих, игәы иҵхо ҟаимҵар анамуо иҟаиҵоит акәымзар, уажәы аҭоурыхтә тема аџьабаа ду адҵаны аҟаҵара ҳацәхьаҵит зегьы. Уи ҳзацәхьаҵызгьы аӡәгьы иахьиҭахым азоуп. Уи азы алшарақәа ыҟоуп. Иара убас аидара аҵалара зҭахымгьы ыҟоуп. Аԥсшьарҭа ҭыԥ ауаҩы даҭамаауа ианалагалак, иажәуеит, ихыбгалоит, аамҭа иархәашоит. Уи иаҩызоуп иарбанзаалак аҟазара хкы, уаҩы иҭахымкәа, аҳәынҭқарра иаҭахымкәа ианыҟалалак. Сгәаанагарала ажәлари аҳәынҭқарреи ирҭахыҵәҟьаны иҟазар, асахьаҭыхыҩцәа рыҽшазыршәоз иаҳа инеиҵыху арҿиамҭақәа раԥҵара", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0