Аԥсны

Аԥсны иаԥҵоуп амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб

Аԥсны иаԥҵоуп амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразын ареспубликатә штаб аԥҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион аҿы иҟазаара ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Аԥсны иаԥҵоуп амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразын ареспубликатә штаб ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ареспубликатә штаб анапхгаҩыс даҭоуп аԥыза-министр Александр Анқәаб.
"Ааха роуит анхамҩақәа, ауааԥсыра рыбзазара еиҿызкаауа аобиектқәа, акурорттә инфраструктура. Ҳара макьаназ иҳаздырам иҟоу аԥхасҭа ахышәаҵышәа зеиԥшроу. Ааха рыҭоуп акоммуникациақәа, автомҩақәа, иаанкылоуп аихамҩа аусура. Аха убри аан ихадароу ауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ршәарҭадароуп", - иҳәеит ахада.
Аштаб амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалахәу аҳәынҭқарратә маҵзурақәа зегьы русура акоординациа мҩаԥнагалоит.
Ахада анапынҵа ҟаиҵеит Аҭагылазаашьа ҷыда аминистрра, Атәылахьчара аминистрра, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарратә мчхара азинмчызмоу аусбарҭақәа – Атуризм азы аминистрра, араионқәа рхадарақәа, егьырҭ аилазаарақәа русураҿы ирыцхыраарц, Агәабзиарахьчара аминистрра иадҵоуп аӡхыҵра ахьыҟалаз аҭыԥқәа рыҟны амедицинатә цхыраара зҭаху ыҟазар аилкаара.
Аԥсны
Аҟәа ақалақь амаҵзурақәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп