Аԥсны

Гагра ақалақь аҿы аӡрыжәтә иахьабалак инеиуа иалагеит

Гагра араион ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхеит ԥхынгәы 8-9 руха иҟалаз аӡхыҵра ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ақалақь аҿы аӡрыжәтә иахьабалак инеиуа иалагеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеихәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
Иара иажәа иацҵо иҳәеит ӡрыжәтәда макьана иаанханы ишыҟоу 300 ҭӡы ахьынхо Ԥсахара ақыҭа. Уа ԥхынгәы 8-9 руха аӡыҭгагатә станциа аӡы аҵалеит. Аӡы ҭыртахьеит, аха макьана амоторқәа барц азы аамҭа аҭахуп.
"Амоторқәа ҳарбаанӡа аҭагылазаашьа зеиԥшрахо ҳаздырӡом. Агәыӷра сымоуп урҭ аус ҳаздыруп ҳәа, мап анакәымха, Ԥсахара ӡрыжәтәда ҩымчыбжьа иаанхоит", - иҳәеит Ҵышәба.
Аҭыԥантәи ахадара ахаҭарнакцәа Гагра араион аҿы аиланхарҭақәа ирҭаауеит, иҟалаз аԥхасҭа гәарҭаразы. Аҩаша, ԥхынгәы 11 рзы дара Бзыԥҭа аҳаблеи Ԥсахара ақыҭеи инеины ирбеит.
Ҵышәба ишиҳәаз ала, амуниципалитет ахадара ргәы иҭоуп аԥхасҭа зауз ауааԥсыра абзазаратә техника рзаахәараҟны ацхыраара ҟарҵар шакәу.
"Архьшәашәагақәа, аӡәӡәага машьынақәа уҳәа убарҭ рҩызцәа рзааҳхәоит. Ауаа аԥхасҭа ду роуит, ацхыраара раҳамҭар ауӡом. Аха ироуз аԥхасҭа зегьыҵәҟьа араион ахарџь ала иаҳзышьҭыхӡом", - иҳәеит иара.
Уаанӡа Гагра араион ахада Иури Хагәышь Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәараҿы адырра ҟаиҵеит 1100 ҩны аӡы шрыҵалаз. Аха ари ахыԥхьаӡара иҵегьы аҽаԥсахыр ҟалоит.
Аԥсны
Амшцәгьа ааха знаҭаз Лӡаа ақыҭа ахәҭак ӡылеи лашаралеи еиқәдыршәеит