Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амшцәгьа ааха знаҭаз Лӡаа ақыҭа ахәҭак ӡылеи лашаралеи еиқәдыршәеит

© SputnikЗатопленная дорога в Гагре
Затопленная дорога в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 8-9 азы илеиз ақәаршҩы Гагра араион Лӡаа ақыҭа аԥхасҭа арҭеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Амшцәгьа ааха знаҭаз Лӡаа ақыҭа ахәҭак ӡылеи лашаралеи еиқәдыршәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Лӡаа ахада Гурам Абӷаџьаа.
"Иаха ақыҭа ахәҭак алашара азоурыжьит. Иахьагьы аусурақәа цоит. Ирацәоуп ашьаҟақәа аӡы иқәнагаз. "Амшынеиқәафымцамч" Гагратәи афилиал аусзуҩцәа урҭ еиҭашьақәдыргылоит. Аелектрикцәа аусура иаҿуп. Иҟоуп аӡымҩангагақәагьы аԥхасҭа ахьроуз. Ари аус аҿы ацхыраара ҳнаҭоит "Пицундатәи аӡыршьҭра", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Абӷаџьаа игәаанагарала, аҩаша ашьыбжьышьҭахь 40% ақыҭа ауааԥсыра алашара роуроуп. Лӡаа хәбаны еихагылоу аҩнқәа хԥа гылоуп, иара убасгьы ахатәыҩнқәа 700.
"Алашара наҳашьҭаанӡа аиԥырҟьагақәа рҭагылазаашьа гәаҳҭоит. Ус иаалырҟьаны афымцамч ҳзоужьӡом. Убри азы аамҭа-аамҭалоуп алашара зроуа", - ҳәа иҳәеит ақыҭа ахада.
Ԥхынгәы 10 рзы Лӡаа иаҭааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь, АҶА ахада Лев Кәыҵниа, Аԥсны ААР аминистр Роберт Киут. Ахада аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи дрыҿцәажәеит, анапынҵа ҟаиҵеит аӡи алашареи ишалшо иаарласны ауааԥсыра ирзынарышьҭырц, ачеи аӡыржәтәи рызнаргарц.
Президент Абхазии Аслан Бжания с инспекционной поездкой в Гагрском районе - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2023
Аԥсны
Бжьаниа Гагра араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа шцоз гәеиҭеит
Абӷаџьаа иажәақәа рыла, ахада инапынҵа нагӡоуп. Речнаиа амҩаҿы аӡы аҩнқәа, асасааирҭақәа ирыҩналеит, амҩақәа ықәнаӡәӡәааит, автотранспорт ааха анаҭеит. Атехника алшарала амҩа ахәҭак аремонт азууп.
"Ицарц зҭаххаз аԥсшьаҩцәа цартә иҟаҳҵеит. Иаанхаз маҷҩуп", - иҳәеит Абӷаџьаа.
Асыџьқәа ақыҭаҿы ҩнык аҿы аԥхасҭа роуит. Уа аӡымыҭҟьар анлеи, актәи аихагыла арбгеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0